АИААИРА АМШ


АИААИРА АМШ

 

ПАТУ ЗҚУУ СЕИҲАБАЦӘА, АҦСУА ЖӘЛАР, ИАХЬАТӘИ АХҬЫС ИАЛАХУ САШЬЦӘА, САХӘШЬЦӘА ЗЕГЬЫ, 

 БЗИАРА ЖӘБААИТ.

ИАХЬА, АҦСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА 31ш.ТӘИ АИААИРА НЫҲӘОУП.

САҚАРИА АҦСУА АХЕИДКЫЛА АХЬӠ-АЛА, ЗЕГЬИ ГУК-ҦСЫК АЛА ИШӘЫДЫСНЫҲӘАЛОИТ. 

АҚЫРҬКУА;

ҨАЖӘЕИ-ЖӘАБА ШЫҚӘСА РАҦХЬА, АИМПЕРИА ҲАСАБЛА ҲАҦСАДГЬЫЛ АҦСНЫ ИАҚӘЛЕИТ.

АИБАШЬРА АНЦОЗ ААМҬАЗЫ; АҦСНЫ ИҚУЫНХО ҲАУААЖӘЛАР, АДИАСПОРА ИҞОУ АҦСУАА, НХЫҴ КАВКАЗ ИҞОУ ҲАШЬЦӘА ЗЕГЬИ; РЫМЧҚУА ЕИЛАҴАНЫ, АБЏЬАР ШЬҬЫХНЫ АҚЫРҬҚУА ИРҾАГЫЛЕИТ. ШЫҚУСЫК АШЬТАХЬГЬЫ АИААИРА ҲГЕИТ. 

ЗЫКЬҨЫЛА ҲҴЕИЦӘА “АҦСНЫ АХАКӘИҬРА” РЫҦСҬАЗААРА АХҬНЫРҴЕИТ.

АИААИРА АӠБАХУ УАНАЛАЦӘАЖӘО, ВЛАДИСЛАВ АРДӠЫНБА ИХЬӠ УМҲӘАКӘАН ҞАЛАӠОМ.

АКТӘИ ҲХАДА ИҲӘАЗ АЖӘАҚӘА ЕИҬАХГЬЫ ИАҲГУАЛАҲАРШӘАП.

“ҲАРҬ АИБАШЬРА ҲҬАХЫМХАӠЕИТ. ҲАҦСАДГЬЫЛ АХЬЧАРА-АДА УАҲА ХӘЫЦЫРҬАК ҲАМАӠАМ. ҲАРҬ АҦСУАА ДАҼАӠӘЫ ИТӘУ ҲАШЬҬАӠАМ. ҲАРА ҲЗЫШЬҬОУ АНЦӘА ИҲАИҬАЗ ҲАҦСАДГЬЫЛ ЕИҚӘЫРХАРОУП”.

САШЬЦӘА-САҲӘШЬЦӘА,

ИАХЬА ҲАҦСАДГЬЫЛ АҾЫ ИҞОУ АКТӘИ АҦРОБЛЕМА;

ҲБЫЗШӘА, ҲКУЛЬТУРА ЕИҚУЫРХАРОУП. АҦСНЫ ИҚУЫНХО АҦСУАА ҲДЕМОГРАФИА ҦХЬАӠАРАЛА АМЧ АҬАТӘУП. ҲАҦСАДГЬЫЛ-АҾЫ ҲАРҬ АҦСУАА ҲАШНЕИ-ШНЕИУА ҲМАҶХОИТ.

АРИ АКТӘИ АПРОБЛЕМА ҲАШҦАИААИУА ҲӘА ҲАЗХУЫЦӠОМ. АРИ АҦРОБЛЕМА ХӘШӘЫС ИАМОУ ДИАСПОРА ИАЗКУ АПРОЕКТҚУА ҲАЛАЦӘАЖӘАӠОМ.

ҲЗЫШЬҬОУ АПРОЕКТҚУА;

ПИЦУНДА ЏЬОУКЫ ИРАҲҬАП, ГАГРА ДАҼАЏЬОУКЫ ИРАҲҬАП, АДГЬЫЛҚУА ҲҬИИП, АҨНҚУА-АПАРТАМЕНТҚӘА РГЫЛАНЫ АҦАРА-ЗМОУ АТӘЫМУАА ААГАНЫ АҦСНЫ ИАЛАҲҴАП, АПАСПОРҬҚӘА РАҲҬАП. 

АҦСНЫ ҲАЦӘЦАРГЬИ ИҲАЦӘЦААИТ, АҦАРА ҲАРҲАЛАП. ҲДЕМОГРАФИА ЕИЛАГОЗАРГЬИ ЕИЛАГААИТ ҲӘА, АҦРОЕКТҚУА, АЗАКУАНҚУА АҞАҴАРА ҲАЗҞАЗОУП.

НАСГЬЫ ҲБЫЗШӘА, ҲАҦСУАРА ҲЦӘЫӠУЕИТ-ҲӘА БАША ҲҴӘЫУОШӘА ҞАҲҴОИТ. 

САҬАМЗААИТ АХА УАЖӘЫ ИМҨАСУА АПОЛИТИКА АРИ АУП. 

САШЬЦӘА-САХӘШЬЦӘА, АРИ АИААИРА ИМАРИАНЫ, БАША АӠӘГЫ ИҲАИМҬАӠЕИТ.  АРИ АИААИРА ЕИБАШЬЫЗ, ИҲАЦӘҬАХАЗ ҲҴЕИЦӘА РШЬА АЛОУП. УРҬ ҲҴЕИЦӘА ИАҲЗЫНРЫЖЫЗ ҲАҦСАДГЬЫЛ АИҚУЫРХАРА, УАЛНЫ ҲАХУДА ИКЫДУП.

АИБАШРА АНАҨСАН, АҬЫНЧРА ИАНААМҬОГЬИ; ҲАҦСАДГЬЫЛ ҲАҦСУАА РЗЫҲӘАН, ҲХӘЫҶКӘА, ҲМОҬАЦӘА РЗЫҲӘАН ҲАХӠЫӠААНЫ ИҲАХЬЧАРОУП. 

ҲАРҬ ДИАСПОРА ҲАЗДЫҦШЫЛАНЫ ИҲАМОУ АҦСЫНРОУП. АҦСНЫ ИҲАМПЫӠӠАНЫ ИҲАЦӘЦАР; АҦСУА ҲАСАБЛА ҲХЫ ШЬҬЫХНЫ ҲЗЫҞАЛАӠОМ, ҲШЬАПЫ ҲЗЫҚӘГЫЛАӠОМ. УБРИГЬ ҲДЫРУАЗААИТ. 

АРДӠЫНБА ИМҨАԤИГОЗ ИПОЛИТИКА АХЬ ҲХЫ ҲАРХАРОУП, УАҲА ҦСЫХУА ҲАМАӠАМ.

ИАХЬА ҲАРҬ АҦСУАА ҲЗЫН АИААИРА МШУП АХА, АБАРҬГЬЫ ҲХАХМЫШҬЫРОУП.

ҲХАДА В.АРДӠЫНБА РАҦХЬА ДНАРГЫЛАНЫ, АИААИРА ЗЫҦСЫ АҚУЫЗҴАЗ ҲҴЕИЦӘА ЕСҚЬИНАГЬЫ ИАҲГУАЛАҲАРШӘАРОУП. РЫҦСАТА БЗИАХААИТ.

ИАХЬАТӘИ АМШ АИААИРА; ИАХЬЫҞАЗАЛАКГЫ ҲАУАЖӘЛАР АҦСУАА, НАС АЦХЫРААРА ҲАЗҬАЗ ҲАШЦӘА ЗЕГЬЫ ИРЫДЫСНЫҲӘАЛОИТ.

АБЗИАРАЗ.

30.09.2024

 

Video Galeri

Fotoğraf Galerisi

Biyografiler

img25

Ömer Büyüka -Beygua-

img25

Papapha Mahinur Tuna

img25

Oktay Chkotua

img25

Fazıl İskender